Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Никарагуа Апрезидент иинаугурациа иалахәын

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Никарагуа Апрезидент иинаугурациа иалахәын
11 January 2017 904
Ареспублика Никарагуа Ахада Даниель Ортега иинаугурациа иазку ауснагӡатәқәа рылахәразы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Никарагуаҟа ицаны иҟоуп. Аделегациа иалахәуп Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба, аусбарҭа ахаҭарнакцәа Мадина Зыхәԥҳа, Ҭенгиз Ҭарба, Сариа Џьопуаԥҳа.

Аинаугурациа мҩаԥысит Никарагуа аҳҭнықалақь Манагуа ареволиуциа Ашҭаҟны. Асасцәа рыгәҭа иҟан Венесуела, Гондурас, Сальвадор рпрезидентцәа, иара убасгьы еиуеиԥшым атәылақәа рминистррақәеи русбарҭақәеи рнапхгаҩцәа.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит еиуеиԥшым аиԥыларақәа. Ирылацәажәан Никарагуеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рыҿиара азҵаарақәа. Хынтәуп Даниель Ортега Никарагуа апрезидентс далырхуеижьҭеи. 99,8% абыжьқәа рыԥхьаӡараан ишьақәыргылан 72,5% алхыҩцәа Даниель Ортего ибжьы ширҭаз, иаанхаз 15% рыбжьы ирҭеит Максимино Родригес. Амаҵзура иаԥхьаӡоит апрезидент ихаҭыԥуаҩыс дҟалоит ҳәа Даниель Ортего иԥшәмаԥҳәыс Росарио Мурильо.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: