Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Шьамтәыла даҭааит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Шьамтәыла даҭааит
12 December 2023 119

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәылатәи Арабтә республика даҭааит жәларбжьаратәии аԥсны-шьамтәылатә еизыҟазаашьақәеи рызҵаарақәа рылацәажәаразы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура. 

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла атәылахьчара аминистрра абригадатә еинралцәеи Дамаск игылоу Идырым асолдаҭ ибаҟахьы инеиит атәыла ахақәиҭра зхы ақәызҵаз афырхацәа ргәаладыршәарц. 

Аминистр иара убасгьы Шьамтәылатәи Арабтә республика Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны Агәалашәаратә шәҟәы аҿы анҵамҭа ҟаиҵеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: