Инал Арӡынбеи Шьамтәыла Ахада Башар Асади рыбжьара ателехәаԥшратә еиҿцәажәара мҩаԥысит

Инал Арӡынбеи Шьамтәыла Ахада Башар Асади рыбжьара  ателехәаԥшратә еиҿцәажәара мҩаԥысит
14 December 2023 225

2023 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҟны аусура иалагараны иҟоу жәларбжьаратәи аинформациатә проект ҿыц актәи аҭыжьымҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла Ахада Башар Асади рыбжьара ателехәаԥшратә еиҿцәажәара мҩаԥысит. 

Апроект ҷыда аԥсуа телехәаԥшраҿы еиԥш, Аԥсны иаҩызцәоу атәылақәа ртелехәаԥшрақәа рҿи иддырбалоит. 

Апроект ҿыц еиҳа ииашоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылара, аглобалтә економикеи аполитикеи рҿы азинеиҟарареи мчык мацара адҳәаламзаареи рыпринцип ала иҳәаақәҵоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылара ртема иазкхоит. 

Апроект аколлективтә Мраҭашәара аҿагылара азҭаз, зхақәиҭреи зҭоурыхтә лахьынҵеи, змилаҭтә культуреи зхаҭареи зыхьчо ажәларқәеи атәылақәеи ирызхьаԥшуеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: