Арӡынбеи Шьамтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩи Мрагылара иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит

Арӡынбеи Шьамтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩи Мрагылара иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит
12 December 2023 312

2023 шықәса ԥхынҷкәын 12 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Александр Ефимови еиԥылеит. 

Адипломатцәа Мрагылара иҟоу аҭагылазаашьеи, Шьамтәылатәи арра-политикатә ҭагылазаашьеи, палестино--израильтәи аимак иахҟьаны иҟалар зылшо ахҭысқәа ирылацәажәеит. 

Аиԥылара аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаԥысит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: