Лаша Аҩӡбеи Алексеи Климови реиԥылара мҩаԥысит

Лаша Аҩӡбеи Алексеи Климови реиԥылара мҩаԥысит
19 February 2024 57

2024 шықәса жәабран 19 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент адиректор Алексеи Климови реиԥылара мҩаԥысит.

Лаша Аҩӡбеи Алексеи Климови реиԥылараан ирылацәажәан аусбарҭабжьаратә еинырра актуалтә зҵаарақәа.

Аганқәа рзааҭгылеит атәылақәа рыҩба рконсултә департаментқәа русураҿы аишьашәаларақәеи наҟ-ааҟ аинтерес ззеицрымоу азҵаарақәеи.

Аиԥылара иалахәын: Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ Ренад Бениа, Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Дамеи Гыцба, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент анапхгара.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: