Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рдыррақәа разырҳаразы 2024 шықәса мшаԥы 1-12 рзы Урыстәыла АдәАр Адипломатиатә академиаҿ жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа русхк аганахь ала аиҭазыҟаҵаратә Усбарҭаҿы акурсқәа ирхысит.
Акурсқәа рҵара-тематикатә план мҩаԥысуан «Аиҿцәажәарақәа. Аиқәшаҳаҭрақәа, аилаӡарақәа рыбжьаҵара» атемала.
Акурсқәа ирылатәан Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәагьы.