Италиа имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа дызлахәыз апресс-конференциа

Италиа имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа дызлахәыз апресс-конференциа
28 November 2017 1117
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа усутә ҭаарыла Италиа дыҟоуп. Абри иныҟәараҟны иара дымҩаԥигон Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵақәа рынагӡаразы Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани.

Абҵара 28 рзы Италиа, ақалақь барии аҟны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа ипресс-конференциа италиатәи АИХ рзы. Апресс-конференциа далаххәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵақәа рынагӡаразы Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани.
Кан Ҭаниа италиатәи АИХ ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа, аполитикатә статус зеиԥшроу, далацәажәеит аекономикеи атуризми русхк. Иара убасгьы Аԥсни Италиеи рыжәларқәа рыбжьара ацҳаеимадаразы имҩаԥго ауснагӡатәқәа ртәы, ҷыдала дазааҭгылеит
ассоциациа «Европа – Аԥсны» Аԥсуа культура аинститут раартра, Италиа Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата ахаҭарнакра аартра. Уи адагьы апресс-конференциаҟны ирылаҳәан Италиа ишаартхо Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә Хаҭарнакра.

«Иазгәаҭатәуп Ахаҭарнакра адипломатиатә напынҵақәа шымҩаԥнамго, избанзар Италиа иазханамҵац Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра. Ахаҭарнакра ианапынҵа хаданы иҟалоит Евроеидгыла аҵакыраҿы инхо Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа ринтересқәа рыхьчара иара убасгьы аԥсуеи аиталиеи жәларқәа рыбжьара аиныррақәа, аимадарақәа рырҿиара, Аԥсны ахьӡ, абызшәа, акультура, аҵасқәа рыларҵәара» - иҳәеит Кан Ҭаниа.

Иара убасгьы Ахаҭарнакра ахылаԥшрала имҩаԥгахалоит асоциал-культуратә уснагӡатәқәа: ацәыргақәҵақәа, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа рӡыргара, еиуеиԥшым жәларбжьаратәи афестивальқәеи ацәыргақәҵақәеи рылахәра.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: