Иракли Ҭыжәбеи Михаил Галузини ргәаанагарақәа еибырҳәеит

Иракли Ҭыжәбеи Михаил Галузини ргәаанагарақәа еибырҳәеит
6 July 2023 389

Ԥхынгәымза 6 рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылараҿы 2023 шықәса ԥхынгәымза 11-12 рзы имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи Женеватәи адискуссиақәа изаамҭанытәиу 58-тәи араунд амшхәаԥштә актуалра злоу азҵаарақәа рыла агәаанагарақәа еибырҳәеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан ганкахьала Қырҭтәылеи даҽа ганкахьала Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амчра ахархәара мап ацәкра азы аиуристтә ҭакԥхықәра зырҿио аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра азҵаара. Иара убас аиҿцәажәараҿы егьырҭ, актуалра злоу азҵаарақәагьы ирылацәажәеит.

Иара убас аганқәа аҩганк рзы аинтерес зҵоу ахырхарҭақәак рыла аԥсны-урыстәылатәи аусеицура азҵаарақәакгьы ирылацәажәеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: