Башар Асад Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидикылеит

Башар Асад Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидикылеит
13 December 2023 196

2023 шықәса ԥхынҷкәын 13 рзы Шьамтәыла ахада Башар Асад Дамаск иҟоу ахан "Аль-Мухаджирин" аҟны дидикылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба. 

Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада ихьӡала Шамтәыла ахада асалам ииҭеит. Шьамтәыла ахада Башар Асад иааиуа ашықәс азы Аԥсны даҭаарц ирҭаз ааԥхьара идикылеит. 

Аганқәа Урыстәылатәи Афедерациа Украина имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда ишадгыло атәы рҳәеит. 

Иара убас Асади Арӡынбеи Еиду Америкатәи Аштатқәа Ааигәатәи Мрагылара, Кавказнҭыҵ, иара убас адунеи егьырҭ арегионқәа рҿы аконфликтқәа раларгара азы аҽазышәарақәа рыԥхьырҟәҟәаара хымԥадатәиуп ҳәа иазгәарҭеит. Аганқәа Урыстәыла еиҳа ииашоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылара, аглобалтә економикеи аполитикеи рҿы азинеиҟарареи мчык мацара адҳәаламзаареи рыпринцип ала иҳәаақәҵоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылара азы имҩаԥнаго аусура азгәарҭеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада Башар Асад арабтә тәылақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵарц илшо зегьы шыҟаиҵо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит. Иара убасҵәҟьа уи аҵарадырреи, астудентцәа рԥышәеимдареи, аҭҵарадырреи, акультуреи, аспорти рхырхарҭақәа рыла Аԥсни Шьамтәылеи русеицура аҵак ду шамоу азгәеиҭеит. 

Ирылацәажәеит Аԥсни Шьамтәылеи рекономикақәа рыҿиаразы аҳәаанырцәтәи аинвесициақәа радыԥхьалара азҵаарақәагьы. Ахәҭакахьала Инал Арӡынба Шьамтәыла ахада изеиҭеиҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аинвесторцәа ҳреспублика радыԥхьалареи аинвесторцәа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵареи иҽазҵәылхны дшашьҭоу атәы. Аԥсны-шьамтәылатәи агани урыстәылатәии белоруссиатәии аинвесторцәеи русеицура азҵаара иаҵоу актуал рагьы азгәаҭан.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: