Хәажәкыра 18 азы, ақалақь Бендера Жәлар рдепутатцәа рықалақьтә хеилак ахантәаҩы Иури Кара иҟаиҵаз ааԥхьарала, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватаман ашколтә дипломатиа Аклубқәа рӡыргара ихы алаирхәит.
Жәлар рдепутатцәа рықалақьтә хеилак аҿы ашколтә дипломатиа Аклубқәа ахьаԥҵоу х-школк рҟынтәи аҵаҩцәа реиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылара рхы аладырхәит еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи аекспертцәеи адипломатцәеи, Приднестровиатәи аҳәынҭқарратә структурақәа рхаҭарнакцәеи.
Аусмҩаԥгатә иалҵшәа хаданы иҟалеит ашколтә дипломатиа Аклубқәа Рхеилак аԥҵара.
Аусмҩаԥгатә ашьҭахь ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаҵо, Александр Ватаман, ҷыдала иазгәеиҭеит: «Ашколтә дипломатиа Аклуб апроект» – ари арҭ аклубқәа ирылахәыз ашколхәыҷқәа рзы аҵаратә материал аҵаразы, рыԥсадгьыл аҭоурых, уи акультура инарҵауланы аҭҵааразы, ргәыла тәылақәеи дареи реизыҟазаашьақәа рҭоурых адырразы имотивациа бзиоуп. Урҭ адыррақәа аҿар рзы ԥхьаҟа иҵаҵӷәхоит. Ашкол ашьҭахь иалырхуа амҩа зеиԥшрахалакгьы, урҭ ртәыла иаԥсоу ҵеицәахоит, рҳәынҭқарра иахаҭарнакцәахоит еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҿы, атәыла анҭыҵгьы, аҩнуҵҟагьы. Урыстәыла, аҿар алархәны ауаажәларратә дипломатиа апроектқәеи аԥшьгарақәеи хыԥхьаӡара рацәала аҿиара ахьроуа, уи иалоу актуалра бзианы еилыркаауеит. Ҳәарада, Приднестровиеи Аԥсни рзгьы актуалра аҵоуп».
Ихарҭәааны асаит аҟны: Приднестровиатәи Молдавтәи Ареспубликаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аофициалтә Хаҭарнакра
