Ажәабжь ҿыцқәа

8 July 2026 70 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи Арабтә Республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аекспатриантцәа русқәеи рзы аминистрра адышшылара анота азынанашьҭит.
Ԥхынгәы 6 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аҟәа ақалақь шьаҭаркуижьҭеи 2510 шықәса аҵра аиубилеи иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы официалла атәылахь иааз Ареспублика Гана аделегациа идикылеит.
Ԥхынгәы 7 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Ҭырқәтәылантәи аԥсуа диаспора ахаҭарнак, Аднан Мендерес Иуниверситет (Ҭырқәтәыла) адоцент Ельчин Аӡынбеи реиԥылара.
Ԥхынгәымза 5 рзы, Ареспублика Никарагуа иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аибеи абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Наур Хышбеи Боливариантәи Ареспублика Венесуела ахьыԥшымра Амш 215-шықәса ахыҵра азгәаҭара рхы аладырхәит.
Никарагуа Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аибеи абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Наур Хышбеи Манагуа иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ацҳаражәҳәарҭа иаҭааит.
6 July 2026 57
Ԥхынгәы 5 рзы Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниеи Аԥсны АдәАР анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани италиатәи авеб-телеканал Altrementi TV ишиашоу ицо аефир рхы аладырхәит. Апрограмма амҩаԥгаҩыс дықәгылеит аканал ашьаҭаркҩы, италиатәи ажурналист Артур Феррара.
5 July 2026 59 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев имшира идиныҳәалеит.
4 July 2026 47 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа Рминистррахь адныҳәаларатә нота нанашьҭит Боливариантәи Ареспублика Венесуела ахьыԥшымра Амш инамаданы.
Аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд актәи амш аатит еиуеиԥшым атәылақәа рҿы ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рықәҿыҭреи рзы Амеханизм (МПРИ) аусура аԥышәа иазку аинформациатә сессиа ала.
1 July 2026 60
Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-тәи араунд аҳәаақәа ирҭагӡаны аусура иацнаҵоит
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: