Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы Адәныҟатәи аусқәа Рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа аусуратә еиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылараан ирыхәаԥшын адипломатиатә хаҭарнакра аусура актуалтә зҵаарақәа, иара убас ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи рзы аусура ахырхарҭа хадақәа.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан шьамтәылатәи аган аус ацура, аимадарақәа рырҭбаара, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟаполитикатәи аекономикатәи интересқәа ԥхьаҟагьы раларҵәара азҵаарақәа.
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убас Ацҳаражәҳәарҭа уажәтәи ахыдҵақәа ирыхәаԥшын, ԥхьаҟатәи аусура ахырхарҭа хадақәа шьақәыргылан.