Ажәабжь ҿыцқәа
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Дамасктәи ауниверситет аректор, апрофессор Муҳаммад Усама Аль-Џьаббани аиԥылара мҩаԥыргеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Аԥсны иҟоу Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Аофициалтә Хаҭарнакра ахада Гарри Купалба иирамш идиныҳәалеит.
Нанҳәа 15 азы Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы Хатәгәаԥхарала аибашьҩы Имш азы адкылара мҩаԥган.
Еиду амилиҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә Хеилак алахәылацәа – Франциа, Иапониа, Мальта, Словениа, Британиа Ду, Еиду аштатқәа, иара убасгьы ԥхьаҟа уи иалахәылахараны иҟоу – Даниа, Бырзентәыла рыхьӡала Мальта еснагьтәи ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩ Франчески Гатт иҳәамҭа ҳазыӡырҩит. Аҳәамҭаҿы иазгәаҭоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи «Қырҭтәыла иузаҟәымыҭхо хәҭоуп» ҳәа, иара убасгьы ааԥхьара ҟаҵоуп Урыстәылахь арҭ аҳәынҭқаррақәа рхьыԥшымра мап ацәнакырц.
Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала адашшыларатә шәҟәы аанашьҭит Аԥсадгьыл ахьчаҩ игәалашәара Амш аҽны.
Нхыҵ Уаԥстәыла-Аланиа Ареспублика хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз реидгыла ахантәаҩы Игор Кокоеви Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи реиԥылара мҩаԥысит нанҳәа 14 азы.
Украина арбџьар мчқәа Курсктәи аобласт аҳәаа иахьаԥну иҟарҵаз ақәылара инадҳәаланы Урыстәыла, Курсктәи аобласт аҟны аҭыԥ змоу аҭагылазаашьа ахшыҩзышьҭра ду аҳҭоит. Игәыхьуп иҭахази ахәрақәа заузи ахьыҟоу.
9 August 2024 268
2024 шықәса нанҳәа 9 азы аԥсуа-аахыҵуаԥстәылатәии аԥсуа-приднестровиатәии аизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциеви, Аԥсны иҟоу Приднестровие ахаҭарнак ҷыда Гарри Купалба.