Ԥхынгәымза 17, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба агәраргагатә шәҟәқәа иҭара иазкыз аныҳәатә церемониа ихы алаирхәит.
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Асҭамыр Кациеи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба агәраргагатә шәҟәқәа ирҭеит.
Аныҳәатә церемониа мҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҟны.