Ажәабжь ҿыцқәа

11 April 2022 372
Аԥсны жәлар аӡәк иеиԥш ихьыԥшым Аԥсны аҳәынҭқарра аргылареи арӷәӷәареи рҭахны жәларбжьаратәи аренаҟны аинтересқәа цәырыргоит. Аҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә хырхарҭа ажәлар еиднакыло иҟазароуп ҳәа азгәарҭоит аусбарҭаҿы.
8 April 2022 701
Мшаԥы 8 азы Аԥсны ААР Амедиацентр аҿы имҩаԥысит Инал Арӡынбеи ООН амаҵзурақәеи иеиҳабыратәым аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәеи русутә еиԥылара. Аиԥылара иалахәын Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырразы Аԥсны АА аминистр иабжьгаҩ Мартин Ҭаркьыл, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырразы Адепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа.
8 April 2022 591
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев идиныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Аконституциа амшныҳәа.
4 April 2022 560
Барзаниа Алхас Херсон-иԥа, Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩыс иҟаз, Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыԥуаҩыси Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациатә шәарҭадареи жәларбжьаратәи аусеицуреи русхк аганахь ала ахаҭарнак ҷыдаси дҟаҵоуп.
2 April 2022 437
Аԥсны аинвестициақәа ралагаларазы ихьазырԥшуа Афорум аатит Шәача асасааирҭа "Hyatt Regency Sochi" аҿы асабша, мшаԥы 2 рзы.
1 April 2022 380
Урыстәыла Мраҭашәара иадҟанаҵалаз асанкциақәа ирыхҟьаз агеополитикатәии аекономикатәии ҭагылазаашьақәа Аԥсны аекономикахь аинвестициақәа ринтерес цәырыргеит. 
29 March 2022 438
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амедиацентр Аҟәа иаартын аҩаша хәажәкыра 29 рзы.
28 March 2022 568
Аԥсны ААР иаднакылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Адипломатиатә академиахь рҭаларазы адокументқәа рыдкылара.
25 March 2022 1087
Хәажәкыра 25 азы Москва имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ, ахада Иусбарҭа анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Пескови реиԥылара.
22 March 2022 572
Иахьа Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Инал Арӡынба усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: