Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ареспублика Арцах Адәныҟатәи Аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Ареспублика Амш рыдныҳәало.
Адныҳәалараҟны иарбоуп:
«Ари амш иналукааша ҳәынҭқарратә ныҳәамшуп. Ажәлар рзы акрызҵазкуа мшны иҟоуп. Амилаҭтә акреи ажәлар рпатриотизмреи ирсимволуп. Арцах ажәлар ауадаҩрақәа жәпакы ирхысит Рыԥсадгьыл аизҳазыӷьара ахьӡала.
Агәрагара ҳамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Ареспублика Арцах Адәныҟатәи Аусқәа рминистрреи ԥхьаҟагьы аиҩызаратә усеицура аиҵыхразы русура ишацырҵо».
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ареспублика Арцах Адәныҟатәи Аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит
2 September 2022 489