Адокумент аҿы иарбоуп:
Урыстәыла иазыԥхьагәанаҭоит Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 4 аҟны иарбоу аобиект, адгьылҭыԥқәа, амшын аӡымҽхакыра Урыстәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны аҳәынҭқарратә хьчара иаҵанакуа ахаҿқәа злахәу аҳәынҭуснагӡатәқәа рымҩаԥгареи рыԥсшьареи мацара рзы ахархәара рыҭазарц.
Ахәҭаҷ 6 инақәыршәаны иарбоу аобиект ахархәара Аԥсны асуверенитет, ашәарҭадара ԥырхага рнаҭом, аполитикатә, арратә, аҭҵаарадырра-техникатә, аекономикатә, аекологиатә интересқәа ԥырхага рнаҭом.
Аԥсны ААР анота Апарламент, апартиақәа рнапхгаҩцәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, абыргцәа Рхеилак анапхгара иднардыруеит.
Аԥсны ААР Урыстәыла ААР аҟынтә анота аиуит аҳәынҭдача «Пицунда» иазку Аиқәшаҳаҭраз
13 September 2022 496