Ажәабжь ҿыцқәа

12 June 2019 847 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
4 June 2019 400
Рашәара 2 - 3 рзы Шәачеи Новороссииски абаӷәазақәа рҟны имҩаԥысит акруизтә лаинер «Князь Владимир» аҿы урысәыла-аԥснытәи аусбарҭабжьаратә усутә комиссиа аиԥылара. Аиԥылараан ирылацәажәан Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара амшын-пассаџьыртә еимадара азҵаарақәа.
30 May 2019 775
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә делегациа Ареспублика Арцах иҟоуп. Аделегациа аилазаара иалахәуп: ареспублика аерманцәа руаԥшь ахантәаҩы Галуст Трапизониан, ауаажәларратә усзуҩ Валери Маиромиан.
29 May 2019 784 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи арабтә республика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи арабтә республикеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара шықәсык ахыҵра инадҳәаланы.
Лаҵара 28 2019 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнаӡа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала иҽалаирхәит «Африка амшныҳәа» амҩаԥгара.
28 May 2019 587 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев  адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра шьаҭаркуижьҭеи 27 шықәса ахыҵра инамаданы.
20 May 2019 956 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Зартәи арыцҳара 27 шықәса ахыҵра амш инадҳәаланы.
17 May 2019 853
Лаҵара 17 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба  идикылеит Аԥсны иҟоу  Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциеви Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалбеи.
16 May 2019 808 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев  адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
12 May 2019 887
Лаҵара 12 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Лугансктәи Жәлар рреспубликахь днеиит, ареспубликаҿы имҩаԥысуаз аныҳәаәт уснагӡатәқәа иҽрылаирхәырц.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: