Аԥсны АдәАР ахада иааԥхьараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит нанҳәа 26 азы ишыҵуа 15 шықәса Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны аҳәынҭқарратә суверинитет азханаҵеижьҭеи.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ареспублика араионқәа рҿы Урыстәылеи арратә операциа ҷыда адгылареи рзы ауааԥсыра рԥыларақәа мҩаԥигоит.
Аԥсны азхаҵара амш 15 шықәса ахыҵраан АдәАР ареспублика ауааԥсыра рԥыларақәа мҩаԥнагараны иҟоуп. Ҳаиԥыларақәа ирхықәкы хадоу аминистрра аусура алҵшәақәа, жәларбжьаратәи амшхәаԥштә, аԥсны-урыстәылатә еизыҟазаашьақәа, Қырҭтәыла аҭаххарақәа рылацәажәароуп, ауаа дырдырроуп.
Иҷыдоу азхьаԥшра рыҭахоит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аизыҟазаашьа ҿыцқәа еиҿызкааша амеханизмқәа.