Алиса Гыцԥҳа илаԥшьгамҭоу Жәларбжьаратәи аицлабра-лабораториаҿы Афонд "Инканто" ахапанагӡаҩ Катерин Веласкес лалахәхара инадҳәаланы апресс-конференциа Инар Ладариа иҽалаирхәит

Алиса Гыцԥҳа илаԥшьгамҭоу Жәларбжьаратәи аицлабра-лабораториаҿы Афонд "Инканто" ахапанагӡаҩ Катерин Веласкес лалахәхара инадҳәаланы  апресс-конференциа Инар Ладариа иҽалаирхәит
21 October 2025 49

Алиса Гыцԥҳа илаԥшьгамҭоу Жәларбжьаратәи аицлабра-лабораториаҿы Афонд "Инканто" ахапанагӡаҩ Катерин Веласкес лалахәхара инадҳәаланы имҩаԥысуаз апресс-конференциа Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа иҽалаирхәит Никарагуа Аоператә шәаҳәара афонд "Инканто" анапхгаҩцәа Лауреано Ортегеи Елис Пикадои рнаԥхьарала.

Афонд анапхгаҩы Лауреано Ортега иазгәеиҭеит ари аусмҩаԥгатә Никарагуа аоператә шәаҳәаҩцәа ҿарацәа рзы алшара ҿыцқәа шаанартуа, ҭабуп ҳәа реиҳәеит Алиса Гыцԥҳаи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци ашәаҳәаҩ лалахәхара ахьдырманшәалаз азы.

Инар Ладариа иҳәеит, аԥсуа хәаԥшцәа рҿаԥхьа ари ақәгылара никарагуатәи аоператә шәаҳәаҩы Катерин Веласкес лзы раԥхьатәи қәгылараны ишыҟало, аусмҩаԥгатә аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара акультуратә еимадарақәа рырӷәӷәараҿы акыр зҵазкуа шьаҿоуп ҳәагьы азгәеиҭеит. Никарагуа Аоператә шәаҳәара афонд "Инканто" анапхгаҩцәа Лауреано Ортегеи Елис Пикадои ҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаԥырго аусеицуразы.

Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ никарагуатәи ашәаҳәаҩ арҿиаратә қәҿиарақәа лзеиӷьеишьеит, аԥснытәи азыӡырыҩцәа рысас еснагь еиԥш ԥхаррала дышрыдыркыло азы агәрагара ааирԥшит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: