Хьыбла Амҷба Берлин иҟоу иҭахаз асоветтә еибашьцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа далахәын

Хьыбла Амҷба Берлин иҟоу  иҭахаз асоветтә еибашьцәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа далахәын
22 February 2025 49

Жәабран 21 азы Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Хьыбла Амҷба Берлин, Тиргартен апарк аҿы иҭахаз асоветтә еибашьцәа рмемориал амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа лхы алалырхәит.

Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазку аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Германиа иҟоу Урыстәыла аҷыдалкаатәи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Нечаев, ИАР атәылақәа рдипломатиатә миссиақәа рнапхгаҩцәа,Аурыс иашахаҵаратә уахәама Москватәи Апатриархат ахаҭарнакцәа , Ленинград аветеранцәеи ауааԥсыреи, ИАР, БРИКС, Аладатәи аглобалтә тәылақәа рдипломатцәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: