Ажәабжь ҿыцқәа

29 May 2019 788 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи арабтә республика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи арабтә республикеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара шықәсык ахыҵра инадҳәаланы.
Лаҵара 28 2019 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнаӡа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала иҽалаирхәит «Африка амшныҳәа» амҩаԥгара.
28 May 2019 595 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев  адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра шьаҭаркуижьҭеи 27 шықәса ахыҵра инамаданы.
20 May 2019 960 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Зартәи арыцҳара 27 шықәса ахыҵра амш инадҳәаланы.
17 May 2019 857
Лаҵара 17 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба  идикылеит Аԥсны иҟоу  Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциеви Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалбеи.
16 May 2019 814 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев  адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
12 May 2019 892
Лаҵара 12 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Лугансктәи Жәлар рреспубликахь днеиит, ареспубликаҿы имҩаԥысуаз аныҳәаәт уснагӡатәқәа иҽрылаирхәырц.
9 May 2019 1156 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба ихьӡала Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит.
7 May 2019 448
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа, аҵаратә усҳәарҭақәа роушьҭымҭацәа рдокументқәа рыдкылара иалагоит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Адипломатиатә академиа аҭаларазы.
2 May 2019 538
Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба дидикылеит карате-до Шотокан Афедерациа ахаҭарнакцәа рыдыркылеит ахада ихаҭыԥуаҩ Казе Ха - Рохелио Флорес. Аиԥылара иалахәын карате азы Аԥсны Афедерациа ахада Ахра Абухба, карате-до Шотокан аидгыла ахада Игорь Садовников.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: