Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
Ашәҟәаҿы хаҭала иҳәоуп:
«Азин сышәҭ гәыкԥсык ала шәымшира шәыдысныҳәаларц. Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра шәара шәнапхгарала иаку, аҩаӡара ҳарак змоу адипломатцәа еидызкыло, жәларбжьаратәи аренаҿы атәыла аинтересқәа рыхьчара зылшо дәныҟаполитикатә усҳәарҭаны иҟоуп.
Дмитри Николаи-иԥа, шәара шәԥышәа ду, шәморалтә ҟазшьа ҳаракқәа Аахыҵ Уаԥстәылеиԥш Аԥсны Аҳәынҭқарраҿгьы аҳаҭыр-апату рымоуп. Аԥсны иқәынхо ажәлар ҩызак иашьак иҳасабала ишәзыҟоуп.
Пату ду ақәаҳҵоит ҳажәларқәа реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы шәлагала ду».