Абҵара 14 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика иҟоу азинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Александр Ватамани Тирасполь ақалақьтә Жәлар Рдепутатцәа Рхеилак ахантәаҩы Вадим Дони Ареспублика Приднестровиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аофициалтә Хаҭарнакраҿы русуратә еиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылараҿы Александр Ватаман Вадим Дони Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа шымҩаԥысыз атәы изеиҭеиҳәеит. Уи инарҭбааны дрылацәажәеит Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа ралхреи Аҟәа ақалақьтә Еизара VIII ааԥхьара актәи аилатәареи.
Вадим Дони Аԥсны ауааԥсыра алхрақәа қәҿиарала рымҩаԥгара рыдиныҳәалеит, атәылауаа рактивра еизҳауеит ҳәа азгәеиҭеит, уи ауаажәларра аҭыԥантәи анапхгара аҵак ду шырдыруаз, ишеилыркаауаз ирбаган иҟоуп иҳәеит. Иара ишьақәирӷәӷәеит Тирасполь жәлар рдепутатцәа рықалақьтә Хеилак, Тирасполь аешьа-қалақь Аҟәа инхо рколлегацәеи дареи русеицура ацҵара ишазыхиоу.
Александр Ватамани Вадим Дони, иара убас, Аԥсни Приднестровиеи иҟоу аҭагылазаашьақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, аешьаратә республикақәа рықалақьқәеи рраионқәеи рҿы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рганахь алагьы, аҩганктәи аусеицура адгылареи аҿиареи шхымԥадатәиу инаҵшьны иазгәарҭеит.