Приднестровие адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиеви Приднестровие иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Аофициалтә Хаҭарнакра анапхгаҩы Витали Ианковскии реиԥылара Приднестровие иҟоу Аԥсны Азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватаман иалахәразы

Приднестровие адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиеви Приднестровие иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Аофициалтә Хаҭарнакра анапхгаҩы Витали Ианковскии реиԥылара Приднестровие иҟоу Аԥсны Азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватаман иалахәразы
23 January 2025 90

Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиеви, ПМР Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы наӡа змоу ахаҭарнак Александр Ватамани, ПМР Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Аофициалтә Хаҭарнакра анапхгаҩы Витали Ианковскии реиԥылара мҩаԥысит.

Витали Игнатиев, асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, инаҵшьны иазгәеиҭеит, раԥхьатәи амшқәа инадыркны ашәарҭарақәеи аԥышәарақәеи ззаанагаз адипломатиатә шықәс шаадыртуа. Абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы еиҳагьы акыр рыҵаркуеит “асааҭқәа реиқәыршәареи” аиашьаратә Республикақәа рыбжьара аусеицураҿы аԥыжәаратә ҭыԥ аанызкыло ахырхарҭақәа ралкаареи.

Александр Ватаман иазгәеиҭеит, ажьырныҳәамзазы ПМР адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы аиԥыларақәа акыр шықәса раахыс традицианы ишыҟоу, урҭ символтә ҵакыла имҩаԥысуеит ҳреспубликақәа реимадара ашьаҭа зкыз Аԥсни Приднестровиеи рыбжьара актәи аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра амш аламҭалазы, мамзаргьы иахьеиԥш – уи аҽны, ас еиԥш аусеицура 2024 шықәсазгьы иацҵан, хымԥада, 2025 шықәсазгьы ҳреспубликақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиаразы ашьаҿақәа ҟаҵахоит ҳәа.

Аиԥылара иацҵан ареспубликақәа рҿы иҟоу ашәарҭарақәеи аҭагылазаашьақәеи рыҿиаразы ԥхьаҟатәи аԥеиԥшқәа рылацәажәарала, аполитикатәи аекономикатәи усқәа ирыҵанакуа жәпакы азҵаарақәа рыла агәаанагарақәа реимдарала.

Аиԥылара алахәылацәа иааиуа ашықәс азы Приднестровиеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аусеицура иадҳәалоу атемақәа ирылацәажәеит, ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭан ареспубликақәа рҿы акырзҵазкуа ахҭысқәеи 2025 шықәсазы еицырзеиԥшны иазгәарҭо арыцхәқәеи. Урҭ иреиуоуп 1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз, адипломатцәа Аофициалтә Хаҭарнакцәеи Адәныҟатәи Аусқәа Рминистррақәеи ирыбжьоу аусуратә еимадареи, еицырзеиԥшу ахықәкқәа рынагӡаразы аусмҩаԥгатәқәа реиқәыршәареи зҵазкуа аусеицура ацҵара иақәшаҳаҭхеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: