Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа Аиааира Дуӡӡа 80 шықәса ахыҵра иазкны Берлин имҩаԥысуа агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа ралахәхара иазкны

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа Аиааира Дуӡӡа 80 шықәса ахыҵра иазкны Берлин имҩаԥысуа агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа ралахәхара иазкны
15 May 2025 40

2025 шықәса лаҵара 9 азы Берлин ақалақь аҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала Тиргартентәи апарк аҿы иҟоу Асовет еибашьцәа рмемориал аҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара иазкыз аофициалтә церемониа рхы аладырхәит Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу Ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа, аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа.

Аусмҩаԥгатәқәа Бранденбургтәи агәашәқәа рҟынтә ихацыркыз, Германиа зегьы аҟынтәи алахәылацәа еидызкылаз, традициала имҩаԥысуа Ԥсра зқәым архәҭа аныҟәара ала иалагеит. Берлин еиуеиԥшым агәалашәаратә ҭыԥқәа рҿы абиԥарақәа рхаҭарнакцәа еидызкыло аныҳәатә концертқәа мҩаԥган.

Ауаҩ игәалашәараҿы иаанхаша амш аҵыхәтәантәи аккордны иҟалеит «Урыстәылатәи Аҩны» аҿы имҩаԥгаз аныҳәатә концерт, уи апрограмма рхы аладырхәит апрофессионалтә артистцәа реиԥш анагӡаҩцәа ҿарацәагьы. Амузыкатә номерқәа иреиуан “Аиааира авальс” – Хьыбла Амҷԥҳа аҭынчразы иқәԥоз зегьы ирзылкыз лоригиналтә оркестртә композициа.

«Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан ибжьаӡыз аибашьҩы имоҭак лыҳасаб ала сара сзы иҳаҭыр дууп лаҵара 9 азы имҩаԥысуаз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхара. Аиҳаракгьы Аиааира 80 шықәса ахыҵра амш аҽны смузыкатә рҿиамҭа «Аиааира авальс» ара иахьықәыҩуаз», ҳәа азгәалҭеит Хьыбла Амҷԥҳа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: