Приднестровие иҟоу Аԥсны аофициалтә Хаҭарнакра иаҭааит Бендератәи ашколқәа рҵаҩцәа, ашколтә дипломатиа аклубқәа рлахәылацәа

Приднестровие иҟоу Аԥсны аофициалтә Хаҭарнакра иаҭааит Бендератәи ашколқәа рҵаҩцәа, ашколтә дипломатиа аклубқәа рлахәылацәа
11 April 2025 84

Мшаԥы 11 азы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә Хаҭарнакра иаҭааит Бендертәи азеиԥш школқәа ҩба рҵаҩцәа – ашколтә дипломатиа аклубқәа рлахәылацәа.

Приднестровиа иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватаман аофициалтә Хаҭарнакра имҩаԥнаго аусурақәа дрылацәажәеит, аекскурсиа мҩаԥигеит.

Ашколтә дипломатиа аклубқәа рлахәылацәа афотоцәыргақәҵа, зыҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра актәи Ахада, ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсҭазаара иазку аҭыхымҭақәа аарԥшу, рбеит.

Ашколтә дипломатиа аклуб алахәылацәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада иԥсҭазаара иазку ажәахәгьы рыдыргалеит. Александр Ватаман иажәахә аҿы ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит Владислав Арӡынба идипломатиа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: