2025 шықәса рашәара 20 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Бадагдасаров инаԥхьарала аусмҩаԥгатә "Агәалашәара ацәашьы" ихы алаирхәит.
Агәалашәареи агәырҩеи Рымш – рашәара 22 аламҭалазы ацеремониа Каракас, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан анацизми афашизми ирҿагыланы ақәԥараҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра ашҭаҿы имҩаԥысит.
Аусмҩаԥгатә Венесуела иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи, Каракас иҟоу Россотрудничество аусбарҭеи, Венесуела инхо Урыстәылатәи аџьынџьуаа ркоординациатә Хеилаки рыцхыраарала еиҿкаан.
Еизаз минуҭктәи аҿымҭрала асовет жәлар рфырхаҵарақәа ргәаладыршәеит, Наӡаӡатәи амца аҿаԥхьа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Асовет Еидгылаҿы анацизм иаҿагыланы ақәԥара зхы ақәызҵаз 27 миллионҩык рыԥсҭазаара иасимволны иҟаз ацәаԥшьқәа 27 аркын.