Венесуела иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа далахәын атәыла ахада ин. н. Дельси Родригес Гомес иҟалҵаз есышықәсатәи анацҳамҭа иазкыз аилатәара ҷыда

Венесуела иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа далахәын атәыла ахада ин. н. Дельси Родригес Гомес иҟалҵаз есышықәсатәи анацҳамҭа иазкыз аилатәара ҷыда
19 January 2026 89

2026 шықәса ажьырныҳәамза 15 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала Венесуела ахада инапынҵақәа назыгӡо Дельси Родригес Гомес иҟалҵоз есышықәсатәи анашьҭымҭа иазкыз аилатәара ҷыда ихы алаирхәит.

Анацҳамҭа азкын 2025 шықәса аихшьаалақәеи атәыла асуверенитет ахьчаразы иҟоу азԥхьагәаҭақәеи ртәы. Родригес Николас Мадуро ихьӡала дшықәгыло инаҵшьны иазгәалҭеит.

Венесуела ахада инапынҵақәа назыгӡо Делси Родригес лажәахә аҿы еилыкка далацәажәеит ареспублика адунеизегьтәи аренаҿы иааннакыло ирҿыцу аҭыԥ, асуверенитети, аицәарақәа ишазхиоуи, амилаҭтә акзаара аҵак дуи.

Аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа назыгӡо лықәгылара азакәанԥҵаҩцәа рахь ааԥхьара ала далагеит, амилаҭтә акзаара аҵак ду шамоу инаҵшьны иазгәалҭеит: «Сара бзиала шәаабеит ҳәа расҳәоит ари азакәанԥҵаратә аамҭазы аусура зҽалазырхәыз аоппозициа асекторқәа, иара убас уаанӡатәи ааԥхьараҿы аус зуаз адепутатцәа. Ҭакԥхықәра дула исҳәоит: Венесуела ашьақәгылара иаҿуп аполитика ҿыц. Сара, ацҳаражәҳәаҩцәеи адипломатиатә хаҭарнакцәеи срыҳәоит, раҳҭнықалақьқәеи адунеи зегьи ҳтәыла иазку аиаша рызнаргаларц».

Жәларбжьаратәи амшхәаԥштә дазааҭгыло Делси Родригес иазгәалҭеит Каракас азин шамоу хырхарҭарацәала аполитика амҩаԥгара иуадаҩу агеополитикатә ҭагылазаашьеи ақәыӷәӷәарақәеи шыҟоугьы.

«Венесуела Китаи, Урыстәыла, Куба, Иран, ЕАА рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы асуверентә зин амоуп» ҳәа лҳәеит лара, ари азин иарбан ҭагылазаашьазаалакгьы аҿы еиҭакра шамам азхьаԥшра аҭо.

«Адипломатиа ацәшәара аҭахӡам. Ҳара ҳазхиоуп аҳаҭырқәҵареи ҳажәлар рҳаҭыр ахьчареи ирыбзоураны аиҿцәажәара амҩаԥгара. Вашингтонҟа ацара аҭаххар, Венесуела ажәлар рсимволра зныԥшуа аҳаҭыр аарԥшны сцоит, — сҽынеиҵыхны сгыланы, сшьамхышгылан акәымкәан",- лҳәеит лара аусеицура дшазыхио инаҵшьны иазгәаҭо.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: