Заур Ӷәаџьаа Венесуела иҟоу Апостолтә Нунциа иҟаиҵаз ааԥхьарала адипломатиатә миссиақәа рнаԥхгаҩцәа реиԥылара ихы алаирхәит

Заур Ӷәаџьаа Венесуела иҟоу Апостолтә Нунциа иҟаиҵаз ааԥхьарала адипломатиатә миссиақәа рнаԥхгаҩцәа реиԥылара ихы алаирхәит
7 March 2025 56

2025 шықәса хәажәкырамза 6 азы, Венесуела иҟоу Апостолтә Нунциа архиепископ Альберто Ортега Мартин иааԥхьарала, Боливариантәи Ареспублика Венесуела аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәеи адипломаттә миссиақәа рнапхгаҩцәеи рыпленартә еилатәара мҩаԥысит.

Каракас иҟоу Апостолтә Нунциа Амаӡаныҟәгарҭаҿы имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа.

Аиԥылараҿы адипломатцәа иахьатәи актуалтә зҵаарақәа ирылацәажәеит, аицызҿлымҳара змоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ахәҭакахьала, адипломатиатә корпус Анагӡаратә еилакы аԥҵареи амаӡаныҟәгаҩи аказначеии ралхра азҵаареи ирыхәаԥшит.

Аилатәараҿы ирыӡбеит иааиуа хымчыбжь рышьҭахь еиҭеиԥыларц, излацәажәаз азҵаарақәа рмониторинг ашьҭахь.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: