Ажәабжь ҿыцқәа

Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аисламтә Республика Пакистан азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Шахид Ахтар инаԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али далахәын ақалақь Хомс Аисламтә Республика Пакистан аҳаҭыртә Консулра аартра.
Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али Шьамтәыла ааглыхратәии ахәаахәҭратәии сектор ахаҭарнакцәа дырԥылеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба агазеҭ «Известия» аинтервиу аиҭеит
30 August 2024 37
Нанҳәамза 30 – хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара Жәларбжьаратәи Амш азгәарҭоит.
Ливантәи Ареспублика уаанӡатәи аԥыза-министр, адоктор Салим Ель-Хосс иԥсҭазаара иалҵра инадҳәаланы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Дамаск иҟоу Ливан Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит, Ливантәи Ареспублика Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа аамҭала знапы иану Талал Дахер дидашшылеит.
27 August 2024 123
Нанҳәамза 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа ала официалла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара амш 16-шықәса ахыҵра аҽны Приднесторовтәи Молдавтәи Ареспублика аҿы иҟоу Ареспублика Аԥсны Аофициалтә Хаҭарнакра аҿы аҩ-республикак рофициалтә хаҭарнакцәа еицымҩаԥыргаз адкылара мҩаԥысит.
26 August 2024 131
2024 шықәса нанҳәа 26 азы Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоеви Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи реиԥылара мҩаԥысит
26 August 2024 293
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азынанашьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымра азхаҵара Амш азы.
26 August 2024 568
Нанҳәа 26 азы иҵит 16 шықәса Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ихьыԥшым, исуверентәу ҳәынҭқарраны иазханаҵеижьҭеи. Абри азы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Д.А. Медведев Аусԥҟа анапы аҵаҩит 2008 шықәса нанҳәа 26 азы.
Жәаф шықәса раԥхьа Урыстәылатәи Афедерациа ҳтәыла аганахь ала аҵак ду змаз аӡбра аднакылеит. Нанҳәа 26, 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Дмитри Медведев инапы аҵеиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу, ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп ҳәа изшьоз Аусԥҟа.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: