Ажәабжь ҿыцқәа

5 July 2024 251 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Одиссеи Бигәаа Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьев идиныҳәалеит иира Амш.
Азхьаԥшра аҳҭеит ԥхынгәы 3 азы, Ермантәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Қарҭ усутә ныҟәарыла иҟазаараан Ермантәылеи Қырҭтәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Аратат Мирзоиани Илиа Дарчиашьвилии Қырҭтәыла аҵакыратә акзаареи асуверинитети пату рықәҵатәуп ҳәа аҳәамҭа иҟарҵаз.
Ԥхынгәы 2 азы Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәаа диԥылеит Аԥсны иҟоу Приднестровие ахаҭарнак ҷыда Гарри Кәпалба.
1 July 2024 292 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Одиссеи Бигәаа Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьев идиныҳәалеит ПМР ААР ашьаҭаркра 32 шықәса ахыҵра.
2024 шықәса рашәара 28 азы Каракас, Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуелеи Китаии рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара 50 шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатә далахәын.
Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 61-тәи рраунд мҩаԥысит 2024 шықәса, рашәара 25-26 рзы. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәа, ЕАР, ОБСЕ, ЕХ рыцхантәаҩрала.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит Севастополь ақалақь аҿы аҭыԥ змаз атеррористтә жәылара инадҳәаланы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәыӡбоит Ареспублика Даӷьысҭан имҩаԥгаз атеррористтә актқәа рымҩаԥгара.
23 June 2024 228
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Одиссеи Бигәаа Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа имшира идиныҳәалеит.
2024 шықәса рашәара 20 рзы Урыстәыла АдәАр аҟны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ин.н. Одиссеи Бигәааи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузины еиԥылеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: