Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь анота нанашьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Никарагуеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 17 шықәса аҵра инамаданы.
Анотаҿы иазгәаҭоуп:
"Цәыббрамза 10, 2009 шықәса аԥсны-никарагуатә еизыҟазаашьақәа рҭоурых аҿы акрызҵазкуа рыцхәны иҟалеит, иҭышәынтәалоу аполитикатә диалог хацнаркит, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара планрацәалатәи аинырра аҿиаразы аҭагылазаашьақәа аԥнаҵеит.
Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иӷәӷәоу аиқәшаҳаҭра-зинтә база еиҿкаауп, адәныҟаполитикатә усбарҭақәеи аҩ-тәылак рҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа аимадарақәа шьақәыргылоуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ахә ҳаракны иршьоит Никарагуа жәларбжьаратәи аплошьадкақәа рҟны иҟанаҵо адгылара, иара убас ишьақәгылаз ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рыгәреибагаратә ҟазшьа.
Агәра ганы ҳаҟоуп иахьазы иҟоу аусеицуратә лшара аринахысгьы ҳтәылақәа реимадара арӷәӷәара ишацхраауа».