Ажәабжь ҿыцқәа

Женева ихыркәшахеит Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рызҵаарақәа ирызку жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 66-тәи рраунд ҳәа аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рзы аминистрра апресс-маҵзура. Аиԥылара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, иара убас Урыстәылатәи Афедерациеи Еиду Америкатәи аштатқәеи ООН, ОБСЕ, ЕС рыцхантәаҩрала.
Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 66-тәи рраунд хдыркәшеит Женева, хәажәкыра 19 рзы.
Хәажәкырамза 18, 2026 шықәсазы Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аиба Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа инапы иаиркит.
18 March 2026 65
Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 66-тәи рраунд алагеит Женева.
Хәажәкырамза 16, 2026 шықәсазы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров иааԥхьарала Урыстәылеи Венесуелеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара 81-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
15 March 2026 57 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистр, уаанӡатәи Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иира амш идиныҳәалеит.
15 March 2026 52
Хәажәкыра 15 рзы 33 шықәса ҵит Аҟәа ақырҭуа мпыҵахаларатә ар рҟынтәи ахақәиҭтәразы Хәажәкыратәи ажәыларатә операциа иалагеижьҭеи.
12 March 2026 74
Хәажәкырамза 12, 2026 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәбеи Аԥсны Ауаажәларратә палата еиҿнакааз Аграждантә форум «Адиалог. Ақәшаҳаҭра. Аҿиара», иалахәуп.
8 March 2026 83
"Жәларбжьаратәи аҳәса рымш - Хәажәкыра 8 азы гәык-ԥсыкала адныҳәаларақәа шәыдышәкыл!
7 March 2026 69
Хәажәкырамза 7, 2008 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь «Приднестровтәи Молдавтәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә Хаҭарнакра аԥҵаразы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: