Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Жәлар ракзаара Амш азгәаҭара инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
“Ашәышықәсақәа рыҵаулара шьаҭас измоу ари аныҳәа Урыстәыла ажәларқәа, еиуеиԥшым амилаҭқәеи адинқәеи, атәыла аҭоурых афырхаҵаратә даҟьақәа, аизҳазыӷьаразы ракзаара рзы символра ауеит.
Урыстәыла ауааԥсыра ахаангьы аҭынчреи ахақәиҭреи ргәазыҳәара, аидгылара, Аԥсадгьыл алахьынҵазы аҭакԥхықәра иаҵагылон. Иахьагьы, адунеизегьтәи аиашамратә ҭагылазаашьаан Урыстәыла ауааԥсыра, ақәреи асоциалтә статуси, амилаҭреи адинхаҵареи ирыхьмырԥшыкәа, аиашара шьаҭас измоу адунеизегьтәеиҿкаара ашьақәыргыларазы ақәԥараҿы Аԥсадгьыл аинтересқәа рыхьчара иазықәгылоит.
Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа еидҳәалоуп аиашьаратә еизыҟазаашьақәеи, ирзеиԥшу аҭоурыхи, атрадициатә ҵасқәа пату рықәҵареи рыла.
Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп, аԥсуа-аурыс стратегиатә алианс аринахысгьы хра злоу аидгылареи, аицхыраареи, аусеицуреи рымҩала аҿиара шаиуа”.