Ажәабжь ҿыцқәа

Аԥсны Аҳәынҭқарра хшыҩзышьҭрала, еилкаарыла иазнеиуеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак М. Захарова «Sputnik Қырҭтәыла» аинтервиу аҭо илаҳәаз.
24 December 2025 92 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аинформациеи акьыԥхьи Рдепартамент адиректор Мариа Захарова лымшира лыдиныҳәалеит.
24 December 2025 92
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ихантәаҩрала, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҟны имҩаԥысит 2025 шықәсазтәи адәныҟаполитикатә усбарҭа аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз аилацәажәара. Аилацәажәара иалахәын аминистр ихаҭыԥуаа Одиссеи Бигәааи Иракли Ҭыжәбеи, аусбарҭа адепартаментқәа реиҳабацәеи.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц дидикылеит 2026 шықәса ажьырныҳәа 12 рзы аусура иалаго, Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак (МККК) Амиссиа ахада ҿыц Валериа Џьемелло.
Ԥхынҷкәынмза 19 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватаман онлаин-конференциа «Приднестровие - 35 шықәса жәларбжьаратәи акоординатқәа рсистемаҿы» ихы алаирхәит.
19 December 2025 94
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра еиҿнакааз ажурналистцәеи аблогерцәеи рыбжьара аицлабра «Взгляд-2025» афинал аҿы адныҳәаларатә ажәахә ҟаиҵеит.
Ԥхынҷкәынмза 16, 2025 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль имҩаԥигаз ашықәс ҿыц аламҭалазтәи аныҳәатә еиԥылара ихы алаирхәит.
Манагуа имҩаԥысит раԥхьатәи жәларбжьаратәи афорум«Никарагуа аекспорт мҩаԥнагоит 2025: Аекспорттә лшарақәа аџьармыкьа ҿыцқәа рахь рнагара» аартра иазкыз аныҳәатә церемониа.
13 December 2025 103
Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Атәылахьчара аминистрреи рнапхгара алахәны имҩаԥысыз аилацәажәара иазкны асоциалтә ҳақәа рҿы ииашам ацәажәарақәа ахьеизҳауа инамаданы, адырра ҟаҳҵоит:
12 December 2025 110
2025 шықәса ԥхынҷкәынмза 12 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрраҿы адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи акоординациатә еилацәажәара мҩаԥыргеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: