Ԥхынгәымза 13, 2026 шықәса рзы Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә университет (ИУОГУ) аҿы Ниурнбергтәи апроцесс ахыркәшара 80-шықәса ахыҵра иазкыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Ниурнберг: ареабилитациа азин ыҟамкәаа» мҩаԥысит.
Аконференциа ихы алаирхәит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганба.
Аусмҩаԥгатә еиҿыркааит ИУОГУ, Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа, Россотрудничество Ахаҭарнакра, Урыстәыла асоциалтә программақәа рыдгыларазы Амилаҭтә фонд, Аахыҵ-Уаԥстәыла иҟоу Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара Ахаҭарнакра (РИО), Акоммуникациақәа рыҿиара амилаҭҵааратә Институт (НИИРК), Афонд «Акоммуникациақәа рыҿиара Жәларбжьаратәи аинститут Аҭынчра-Ацҳа-Уаԥстәыла».
Аконференциа иатема хадақәаны иҟан Ниурнбергтәи апроцесс иазку аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхареи, анацизм ареабилитациеи, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аихшьаалақәа реиҭахәаԥшра рзы аҽазышәарақәа рҿагылареи.
Џьемал Бганба иқәгылараан Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ихьӡала Аахыҵ Уаԥстәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Марат Камболов асалам ииҭеит.
Адепартамент ахада иқәгылараан иазгәеиҭеит иахьа адунеи аҿы ишеилаҳауа аибашьратә цәгьоурақәеи анацизми рзы ахьырхәра хырԥашьа шамам апринцип аиқәыршәара иазку азинеиҿкаара ашьаҭақәа.
«Иахьа адунеи аамҭа хьанҭақәа ирҭагылоуп: Мрагылара Ааигәа аимак иаҩызоу аимакқәа миллионҩыла ауаа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылоит. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи руааԥсыра рзы аҭоурых ахҩылаара аҽазышәарақәа рҿагылара баша ажәақәаӡам, уи ҳажәларқәа рхатә трагедиа иахәҭакуп. Иахьа ашәарҭара аилкаара акраҵанакуеит: адунеи ҩаԥхьа анацизм «аҿкы» аныруеит, жәларбжьаратәи аилазаара ари апроцесс аанкыларазы агәаӷьра аарԥшра уалԥшьаны иадуп», ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Џьемал Бганба.
Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убас Цхинвал Аурыс ҩны еиҿнакааз афотоцәыргақәҵа «Ниурнберг: еицырдыруа иазкны идырым» аартра мҩаԥысит. Аурыс ҩны анапхгаҩы Сергеи Комиссаров ауниверситет иеиҭеит х-томкны иҟоу аҭыжьымҭа «Ҿҳәарада», анацистцәа рыцәгьоурақәа рзы архивтә документқәа ацны. Аконференциа аматериалқәа рыла иазыԥхьагәаҭоуп ажәахәқәа реизга аҭыжьра.