Ажәабжь ҿыцқәа
15 March 2026 37
Хәажәкыра 15 рзы 33 шықәса ҵит Аҟәа ақырҭуа мпыҵахаларатә ар рҟынтәи ахақәиҭтәразы Хәажәкыратәи ажәыларатә операциа иалагеижьҭеи.
12 March 2026 59
Хәажәкырамза 12, 2026 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәбеи Аԥсны Ауаажәларратә палата еиҿнакааз Аграждантә форум «Адиалог. Ақәшаҳаҭра. Аҿиара», иалахәуп.
8 March 2026 72
"Жәларбжьаратәи аҳәса рымш - Хәажәкыра 8 азы гәык-ԥсыкала адныҳәаларақәа шәыдышәкыл!
7 March 2026 55
Хәажәкырамза 7, 2008 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь «Приднестровтәи Молдавтәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә Хаҭарнакра аԥҵаразы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа Рминистр Ахсар Џьиоев иира амш идиныҳәалеит.
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи рофициалтә Хаҭарнакрақәа рцәыргақәҵатә зал аҿы ПМР зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ Геннади Зыков диижьҭеи 95 шықәса аҵра иазкыз иусумҭақәа рекспозициа еиҵыхуп.
2 March 2026 70
Мрагылара Ааигәа аҭагылазаашьа аибарххара инамаданы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мрагылара Ааигәа атәылақәа рҿы иҟоу Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ахыхьчаратә уснагӡатәқәа ирықәныҟәаларц, рыуацәеи дареи аимадара рыбжьазарц, Аԥсны АдәАР иахьыҟоу аҭыԥ азы адырра арҭаларц.
1 March 2026 69
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мрагылара Ааигәа арегион аҿы аҭагылазаашьа аҿиара зҿлымҳарыла иацклаԥшуеит, агәҭынчымра аанарԥшуеит Еиду аштатқәеи Израили Иран аҵакыра иарҭо ажәыларақәа ирыхҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инадҳәаланы.
28 February 2026 61
Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Хьыбла Амҷԥҳа лхы алалырхәит иналукааша апоет, афашизм аҿагылара афырхаҵа Муса Џьалиль дахьыршьыз аҭыԥ аҿы иҟоу амемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа.