Ажәабжь ҿыцқәа
1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара 32 шықәса ахыҵра амш аҽны, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә Хаҭарнакраҿы азинмчнагӡа змоу Аԥсны ахаҭарнак Александр Ватамани 1993 шықәса ааԥынразы Аԥсныҟа цхыраара иааз Сергеи Белинскии реиԥылара мҩаԥысит.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Аиааира Амши Ахьыԥшымреи 32 шықәса рхыҵра идиныҳәалеит.
1 October 2025 32
Цәыббра 30 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгареи аколлективи 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 32 шықәса ахыҵра амш аҽны Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь анышә дахьамадоу Џьгьарда ақыҭа иаҭааны, ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵараз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит.
1 October 2025 34
Цәыббра 30 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгареи аколлективи 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 32 шықәса ахыҵра амш аҽны Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба анышә дахьамадоу Ешыра ақыҭа иаҭааны, ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵараз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит.
1 October 2025 50
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгареи аколлективи 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа ахьгылоу Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит.
1 October 2025 62
2025 шықәса цәыббра 30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иазгәарҭоит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы (1992-1993) Аиааира агара 32 шықәса ахыҵра.
Цәыббра 25-26 рзы, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьагаҩ Алиас Аибеи, Амилаҭтә полициеи ашьаҭаркра 46 шықәса ахыҵраз аусмҩаԥгатәи аполициаа рпарад "Акзаара. Амчра. Аиааира." ирылахәын.
29 September 2025 70
2025 шықәса цәыббрамза 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Аҟәа ақалақь, Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысуаз Афедералтә ҵарадырратә марафон "Адырра. Аԥхьагылаҩцәа" аартраан дықәгылеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиеи, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра Адәныҟатәи ахәаахәҭразы Урыстәылазегьтәи академиа Жәларбжьаратәи азин акафедра апрофессор Анаит Смбатиани реиԥылара мҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы. Аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәагьы.