Ажәабжь ҿыцқәа
2 October 2026 5
Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа IV Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа "Шамба иаԥхьарақәа» ихы алаирхәит
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны АдәАР анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани имшира идиныҳәалеит.
1 October 2026 19
Мшыбзиақәа! Ишәыдаҳныҳәалар ҳҭахуп иацы иазгәарҭоз аныҳәа – Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.
Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Владимир-иԥа Путин адныҳәаларақәа шәзынаишьҭит. Ари ииашаҵәҟьаны раԥхьатәи иаҳзеиԥшу иааироуп. Ҳаргьы даара ахә ҳаракны иаҳшьоит ари иахьатәи ҳҭоурых.
30 September 2026 24
Жьҭаарамза 1, 2026 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара мҩаԥгахоит.
30 September 2026 14
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи аколлективи Алада Ешыра ақыҭан иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит.
30 September 2026 14
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи аколлективи Аҟәа, Ахьӡ-аԥша Апарк аҿы 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит.
30 September 2026 13
Ари аныҳәа наунагӡа аҭоурых иазынхоит ахақәиҭреи асуверентә ҿиареи, аиашареи ахалахатәҳәаақәҵареи рзы ҳажәлар рзин иасимволны.
29 September 2026 11
Цәыббра 29 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Иавуз Аҭрышба зхадараҿы дыҟоу Ҭырқәтәыла аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа (Аԥсуафед) аделегациа дырԥылеит.