Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 32 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларақәа изааиуеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 32 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларақәа изааиуеит
17 May 2025 70

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 32 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларақәа изаауеит.

Адныҳәаларақәа аарышьҭит: Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә Маҵзура ахантәаҩ и.н. Алхас Чычба, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Маҵзура ахантәаҩы Оҭар Хьециа, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура анапхгаҩы Саид Аҵнариа, Арбитражтә ӡбарҭа ахантәаҩы Фатима Кәыҵниаԥҳа, Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликаҿ аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев.

Аҳәаанырцәынтәи: Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҷыдалкаатәии азинмчнагӡеи змоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: