Ажәабжь ҿыцқәа
Жьҭаарамза 24 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Урыстәыла аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдсаров иҟаиҵаз ааԥхьарала, абарельеф “Циолковски К.З., Королев С.П., Гагарин Иу.А.” аартраз аныҳәатә церемониа ихы алаирхәит.
Жьҭаарамза 22 рзы, Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы, Никарагуа знапынҵа назыгӡаз, аҷыдалкаатә уснагӡатәқәеи азинмчнагӡеи змаз Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов адипломатиа аганахь ала аԥсуа-аурыс усеицура арӷәӷәараҿы иҟаиҵаз алшамҭақәа рзы аиубилеитә медал “Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра –30 шықәса» ианашьара ацеремониа мҩаԥысит.
23 October 2024 109
Жьҭарамзазы Киольнтәи ачерқьесцәа ркультуратә Ассоциациа шьақәгылеижьҭеи 50 шықәса ҵит. Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа Ассоциациеи уи ахантәаҩы Ирфан Кенети ари акыр зҵазкуа арыцхә рыдылныҳәалеит.
Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу аҷыдалкаатәи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Афонд «Шьамтәылатәи аҭаацәаратә диалог» анапхгара ахантәаҩы Ахед Шарифа дылԥылеит.
2024 шықәса жьҭаара 22 азы Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгаҩы Сергеи Шамба Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы Владислав Куликов диԥылеит. Аиԥылара далахәын Ахаҭарнакра аусзуҩ Наталиа Каиун.
21 October 2024 123
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Халед Уалид Абаза ақалақь Латакиа ахадас официалла имаҵура аанкылара идиныҳәалеит.
2024 шықәса жьҭаара 18 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала, афорум «БРИКС: ахырхарҭарацәатә дунеи аргылара апроцесс аҿы» ихы алаирхәит.
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура излаанацҳауа ала, ҳазҭоу ашықәс жьҭаарамза 16 азы, Аԥсны АШәМеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә Усбарҭеи русзуҩцәеи Гал араион Бгуара ақыҭан Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа аицгәаҭараан, аҵакыратә ҭыԥқәеи арратә обиектқәеи рҭыхра мҩаԥызгоз уаҩы дызҭамыз ахархәага рбеит.
17 October 2024 153
Шьамтәылатәи Арабтә Республика инхо ачерқьес диаспора аҟынтәи гәыԥҩык астудентцәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ахь аҵара рҵарц иаауеит.
Жьҭаарамза 14 рзы, Ареспублика Никарагуа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала, Никарагуа иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи Никарагуа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра шьаҭаркуижьҭеи 45-шықәса аҵразы ауснагӡатә рхы аладырхәит.