Ажәабжь ҿыцқәа

21 July 2018 880
Ҧхынгәымза 21 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Адыгеиа Ареспублика Ахада Мураҭ Кумпилови реиҿцәажәара мҩаҧысит аҩ-ҳәынҭқаррак реиҳабырақәа злахәыз аиҧылараҟны.
19 July 2018 762 Анотақәа
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Сандинисттәи ареволиуциаҟны аиааира 39 шықәса ахыҵра иазкны Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит.
13 July 2018 1194
Ԥхынгәы 11 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аиԥылара мҩаԥысит. Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба  дидикылеит ООН аҿиараз Апрограмма еснагьтәи акоординатор Нильс Скотт.
5 July 2018 645 Анотақәа
Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахьыԥшымра Амш иазкны Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Хорхе Альберто Арреаса Монсеррат адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит
3 July 2018 1130
Б. Шьукин ихьӡ зху Атеатралтә институт аҧсуа студиа астудентцәа рҵара хдыркәшеит. Акурсқәа хҧа роушьҭымҭацәа адипломқәа ранеишьеит аҵараиурҭа аректор, Урыстәыла Жәлар рартист Евгени Книазев. Убри аан, аректор актиор изанааҭ ахь ҿыц зшьаҿа еихызго атеатралтә студиа аушьҭымҭацәа “излыиааз аблахкыгоу атәыла иашьашәало, уи атәылауаҩра иаҧсаны аҟазаара” рзеиҕьаишьеит.
29 June 2018 535
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан «Аминистрцәа реилазааразы (Аиҳабыразы)» ахәҭаҷ 12 инақәыршәаны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаас ишьақәырӷәӷәоуп: Ҭыжәба Иракли Вахтанг-иԥеи Бигәаа Одиссеи Михаил-иԥеи.
19 June 2018 1431 Анотақәа
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ақалақь  Бендера аҿтәи атрагедиа 2 6шықәса ахыҵра инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.
15 June 2018 877
Лаҵарамза 13 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Урыстәылатәи Афедерациа адгьылҵакыраҟны FIFA Ашьампылампыл асразы адунеи ачемпионат амҩаҧгара инамаданы хықәкы ала иаауа атәым тәылауаа атуристтә Аҧсны Аҳәынҭқарра аамҭала визада ралалара ашьақәыргыларазы Аусҧҟа.
13 June 2018 826 Анотақәа
Рашәарамза 12 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
1 June 2018 1019
Мрагыларатәи атәылақәак Шьамтәылатәи Арабтә республика иақәыӡбеит иара Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра ахьазханаҵаз.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: