Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр еиҿнакааз астол гьыжь «Аԥсны ишәарҭадоуи иҭышәынтәалоуи аҿиара аԥеиԥшқәа рыԥшаараҿы» Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба «Аԥсны амилаҭтә шәарҭадара адәныҟатә факторқәа» атемала иқәгылара

Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр еиҿнакааз астол гьыжь «Аԥсны ишәарҭадоуи иҭышәынтәалоуи аҿиара аԥеиԥшқәа рыԥшаараҿы» Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба «Аԥсны амилаҭтә шәарҭадара адәныҟатә факторқәа» атемала иқәгылара
19 September 2024 1616

2024 шықәса цәыббра 19 азы Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр еиҿнакааз астол гьыжь «Аԥсны ишәарҭадоуи иҭышәынтәалоуи аҿиара аԥеиԥшқәа рыԥшаараҿы» аҟны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба «Аԥсны амилаҭтә шәарҭадара адәныҟатә факторқәа» атемала иқәгылара.

Аԥсны агеографиатә ҭагылазаашьа инамаданы шәышықәсала ҳааигәа-сигәа иҟоу агеополитикатә ҵакыраҿы имҩаԥысуаз аполитикатә процессқәа ирылахәын. Ҳҭоурых иахәҭакхеит акыр ҳаиҳа амчра змаз аӷацәа ирҿагыланы ҳақәԥара.

Аԥсуаа аханатә аахыс рыԥсадгьыл рхы ақәҵаны ихьчо адәныҟатә агрессор иҿагыланы еибашьуан. XIX ашәышықәсазы, ара аимпериа дуқәа ахьеиҿагылаз ҭыԥхеит, Мраҭашәаратәи Кавказ ажәларқәа ари адунеи аиҟәшара аамҭа цәгьа шасыс иазыҟалеит.

Абас ала ҳабацәеи ҳабдуцәеи ахаангьы реиҳа зымчыз аҳәынҭқаррақәа ринтересқәа реихаԥшьырҭа амҩа иангылан.

Иахьа ҳара ихьыԥшым ҳҳәынҭқарра арӷәӷәареи аихаҳареи ҳанаҿу иацтәи амш аҵатәхәқәа ҳхаҳмыршҭлароуп. Ҩаԥхьа еиҿагылоит аҳәынҭқарра дуқәа ринтересқәа. Аиҿагылара мҩаԥысуеит ҳрегион аҿгьы. Даара ишәаны-изаны амилаҭтә политика амҩаԥгара анаҭаху аамҭа ҳҭагылоуп. Ҳажәлар рфырхаҵаратә ҭоурых еснагь адунеитә цивилизациа апроцессқәа ирыдҳәалан. Гәырҩа згымыз ҳаԥсҭазааратә ԥышәа иаҳнарҵеит абџьар мацарала ажәлар рымшхәыбзазара шзалымшо. Наполеон иҳәахьан, агеографиа – лахьынҵоуп ҳәа.

Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра ахьазханаҵаз Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҿы иналукааша хҭысны иҟалеит. 2008 шықәса нанҳәамзазы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара арегионалтә ҵакы иахыҳәҳәан, адунеитә геополитикаҿы имҩаԥысуаз апроцессқәа анырра рнаҭеит. Зегьы ирбеит Урыстәыла амч ахархәара ада аҽа мҩак ыҟамзаргьы ахатәы интересқәа рыхьчара мап шацәнамкуаз. Абри алагьы жәларбжьаратәи аренаҟны аҽа рольк ааннакылеит. 2008 шықәса нанҳәамзатәи ахҭысқәеи урҭ ирышьҭанеиз Ҟрым архынҳәреи – адунеиеиҿкаара ҿыц апроцессқәа ирхыҵхырҭахеит. Адунеитә система аиҭеиҭакра еснагь адунеи зегьы архыџхыџуеит. Ҳара абри аамҭа ҳалиааит, абри аамҭа ҳҭагылоуп. Ҳтәыла аҿаԥхьа иқәгылоу ашәарҭарақәа азгәаҭаны иҳаҩсхьоу аамҭақәа раанеиԥш ҳшәарҭадара азҵаарақәа ҳаӡблароуп.

Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳшәарҭадара хәдықәҵара азыруеит. Уи иаҳнаҭоит алшара ҳакзаара, ҳетнос, ҳбызшәа, ҳкультура, ҳдин, ҳхаҭара рыхьчара, ҳсоциал-економикатә ҿиара аизырҳара.

Аиҿагылара дуқәа мҩаԥысуеит ҳрегион аҿгьы, зынӡа иааигәаны. Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Мрагылара Ааигәа, Ҟрым, Украина, америкатәи аӷбақәа ааиуа иахьалагаз, аԥшыхәратә усқәа рзы аҳаирпланқәа зхаԥыруа Амшын еиқәа – арҭ зегьы ҳаргьы ҳрыхәҭакуп.

Абри азы иҿырԥшуп 2021 шықәсазтәи НАТО адекларациа. Адекларациаҟны иарбан Украинеи Қырҭтәылеи алианс ралагалара азҵаарагьы, иҳәан НАТО Амшын еиқәа арегион иахьаҵанакуа адгьылқәа, амшынҵакырақәа, аҳауаҵакырақәа рҿы аҟазаара арҭбаароуп ҳәа.

Абри хықәкны иҟаҵаноуп Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә мчра аиҭакразы аҽазышәара зыҟаҵаз.

Иҟалоит Украина аҵахар, аколлективтә Мраҭашәара Урыстәыла аҽа еимакык иаланагаларц агәҭакхар. Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартразы изныкымкәа иара Қырҭтәыла анапхгарагьы ықәгылахьеит.

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи еибашьрыла Қырҭтәыла алаҵаразы қарҭаа ргәыӷрақәа лҵшәа шрымамгьы ҳтәылазы Қырҭтәыла шшәарҭоу иаанхоит. Қырҭтәыла иахьазы иҟоу аполитикатә кризис, иамоу аекономикатә проблемақәа ҳгәы дмырҭынчроуп. Қырҭтәыла иахьатәи анапхгара изныкымкәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала амч ахамырхәара мап шацәыркуа атәы рҳәахьеит. Убри аан атәыла аоппозициатә мчқәа анапхгарахь инеир, акыр ашәарҭара рыҵоуп. Абри азгәаҭо, Аԥсны арратә биуџьет 2020 шықәса раахыс акыр иацҵоуп, ареспублика ашәарҭадара ҳастратегиатә дгылаҩ Урыстәыла хәдықәҵара азнауеит.

Ус шакәугьы ареспублика адәныҟаполитикатә усура аибашьра аԥырҟәҟәаареи ҳазхазҵо атәылақәа рырҭбаареи ирзырханы ишәаны изаны имҩаԥнагалароуп. Ҳдипломатиатә усураҟны ҵаҵӷәра ауыроуп Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра. Аԥсны узықәгәыӷша ҩызаны ишыҟоу азы ахы аанарԥшлароуп.

Ҳаамҭазтәи адунеитә уаажәларра аглобалтә еиҭакрақәа, адунеи ахсаала еиҭазкыр зылшо анымҩаԥырго, ҳара аҩныҵҟатә еиҿагылара ҳаамҭа ақәырӡра азин ҳамаӡам. 1992 шықәса, аибашьра аламҭалаз ҳшыҟаз еиԥш ҳҽеидкыланы адәныҟатәи ҳаӷа ҳшиҿагыло иҳарбалароуп.

Аԥсны акәша-мыкәша аҭагылазаашьа аимак азонақәа маҷымкәа реицыҟазаара иҳәаақәнаҵоит.
Актәи азона –зҵакыраҿы Урыстәылеи аколлективтә Мраҭашәареи еиҿанагалаз Украина ауп. Урыстәыла ара имҩаԥысуа Арратә операциа ҷыда ҳәа азырҳәоит, аха иашала иуҳәозар ара имҩаԥысуа Еиду аштатқәа зхадараҿы иҟоу мраҭашәаратәи атәылақәа ркаолициеи Урыстәылеи реибашьра-маҷ ауп.
Иазгәаҳҭап ҳтәылауаа ари аиҿагылара активла ишалахәу. Иҟоуп иҭахахьоу.

Арратә операциа ҷыдаҿ имҩаԥысуа анализ азууазар, иумбарц залшом Украинеи иара мраҭашәаратәи адгылаҩцәеи ирҭаху Урыстәыла амч алыркәкәара шакәу, ауаатәыҩсатәии аекономикатәии ресурсқәа аибашьра амца иаларыблыр шырҭаху.

Арратә операциа ҷыда атема алацәажәараан иалкаатәуп аспектк. Аҵыхәтәантәи амзақәа рзы Урыстәыла ана-ара ихәыҵҟьалоит амилаҭбжьаратәии аконфессиабжьаратәии еимакқәа, «Крокус Сити Холл» аҿы аҭыԥ змаз атеррористтә акти 2024 шықәса хәажәкыреи рашәареи амзақәа рзы Даӷьесҭан иҟаз ахҭысқәеи реиԥш иҟоу. Ари аҟны аҭыԥ ҷыда ннакылоит уаанӡатәи асоветтә республикақәа рҟынтәи амигрантцәа рызҵаара.

Адыррақәа иҟоу ранализ иунамырбар залшом амигрантцәа рҟынтәи арадикалцәеи урҭ ирҿагыло амчқәа рҟынтәи арадикалцәеи напхгара рызҭо ахԥатәи амчрақәа шракәу. Урҭ рҽазыршәоит Урыстәыла аҩныҵҟала аҵшәаара, арԥсыҽра, аибашьраҿы аҵархара.

Оумашәа иубаргьы абри аҵыхәтәантәи аспект ахь иаҵанакуеит Аԥсынгьы. Ҳара ҳҵакыраҿы иахьазы Абжьаратә Азиа иалҵыз хәнызқьҩык рҟынӡа аусураҳәа иааны иҟоуп. Адәныҟатә мчқәа ари аҭагылазаашьа рхы иархәаны абраҟагьы апроблема цәырыргом ҳәа аҳәара уадаҩуп, уаанӡа аԥсуаа аерманцәеи еиҿадыргыларц азы аерман школ артҟәацга аҵаҵаны, аҩырабӷьыцқәа аларҵәаны ишыҟарҵалоз аиԥш. Аҵыхәтәантәи аамҭазы иаладырҵәо иалагеит аинформациа ԥаршеи – Ашьха Ҟарабах аҟынтәи ахҵәацәа рзы аҩнқәа рыргылара шә-миллионк азоужьушәа.

Аҩбатәи азона – Аахыҵ Кавказ.

2020 шықәса нҵәаанӡа Аахыҵ Кавказ «иҵаарку аимакқәа» ирзонаны ишьан. Аха Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан иполитика Ильхам Алиев ирежим ҟарабахтәи апроблема амч ахархәарыла иӡбатәуп ҳәа азнашьарахьы икылнагеит. 2020 шықәса цәыббра-абҵара амзақәа рызтәи аҩбатәи Ҟарабахтәи аибашьра аан Ермантәыла аҵахеит, Ашьха Ҟарабах аиԥш 1992-1994 шықәсазтәи аибашьраан Ермантәыла иадлаз араионқәа фбагьы ацәыӡит. Ҟарабах аҵахара арегион аҿы иаалырҟьаны аҭагылазаашьа еиҭанакит – Азербаиџьан аҽарӷәӷәеит, Ҭырқәтәыла ароль еиҳа иҳаракхеит.

Аҩбатәи Ҟарабахтәи аибашьра еихшьаала хаданы иаиуит 1990-тәи ашықәсқәа раан «иҵаадыркыз аимакқәа» рыстатус-кво аревизиа азура апрецидент. Ари ҳара ҳазгьы акраҵанакуеит, ишәарҭаны иҟоуп.
Арегион иатәу политикцәақәак Урыстәыла Украинатәи апроцессқәеи Мраҭашәара аҿагылареи ус хаданы иашьоит ҳәа иԥхьаӡаны Москва усс имкыкәа рыпроблемақәа рыӡбра алшошәа рбо иалагеит.
Аҵыхәтәантәи аспект аганахь ала иазгәаҭатәуп иахьатәи Ермантәыла анапхгара ирыхьыз Урыстәыла иахарарҵарц рҽахьазыршәо адагьы ар мраҭашәаратәи астандартқәа рахь аиагара ргәы ишҭоу. 2023-шықәса анҵәамҭаз 2024-шықәса алагамҭаз аофициалтә Ереван украинатәи аимак аҿы Москва акала адгылара агәы иҭамызт.

2024 шықәса жәабранмзазы ашәарҭадаразы Миунхентәи аконференциаҿы Никол Пашиниан аҳәамҭа ҟаиҵеит Ермантәыла Урыстәыла ишадгылаҩым украинатәи азҵаараҿы, украинатәи ажәлар «аҩыза-жәлар» ҳәа рзиҳәеит. Ермантәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Арарат Мирзоиан НАТО асаммит ахь Вашингтонҟа днаԥхьан. Уаҟа иалацәажәан ЕАА ахаҭарнакра Ермантәыла атәылахьчара аминистрраҟны аҟазаара. Атәыла аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Узра Зеиа лакәзар илҳәеит Еиду аштатқәеи Ермантәылеи реизыҟазаашьа иҿыцу стратегиатә етапуп ҳәа. 

Хазы иазааҭгылатәуп ирантәи афактор. Ермантәыла имҩаԥысуа ахҭысқәа Иран анапхгара агәҭынчымра рызцәырнамгар алшом. Урҭ ари арегион аҿы Ҭырқәтәыла анырра аиура ринтересқәа ирыҵаркуам. Абри инадҳәаланы Кавказ аҵыхәтәантәи ҩышәшықәса рыҩныҵҟа раԥхьаӡа акәны Ирани Ҭырқәтәылеи рыбжьара аицлабра иарегионхар ҟалоит.

Аҭагылазаашьа ирԥсыҽыр ҟалоит милаҭла иазербаиџьану, Иран ахада ҿыц Масуд Пезешкиан. Иара ирантәии ҭырқәтәылатәии аимадарақәа рырҭбаара дадгылаҩуп. Аха Пезешкиан идагьы иҟоуп ирантәи аелита. Иҟоуп ари аус зҭахым.

Ишԥанырришь ари аҭагылазаашьа Аԥсны.

Еилкаауп АОҶ анцо асанкциатә режимқәеи Ермантәыла Урыстәыла аҿагылараҟны ароли Азербаиџьани Қырҭтәылеи Аахыҵ Кавказ акрызҵазкуа ҳәынҭқарраны ишыҟарҵо. Ҳара ҳзы аинтерес аҵоуп Қырҭтәыла.
Аԥсны ашәарҭадара ҩ-аспектк ирхьыԥшуп.

Актәи аспект – Қырҭтәыла аҩныҵҟаполитикатә кониунктура. Сынтәа, жьҭаарамзазы имҩаԥысраны иҟоуп Апарламенттә лхрақәа, зыҟны иахьатәи анапхгаратә партиа «Грузинская мечта» аиааира агоит ма аоппозициаа иахырҳәоит.

Иахьатәи аиҳабыра АОҶ ианалага инаркны Москва иақәыӡбозаргьы аҩбатәи афронт аартра мап ацәыркит. Аоппозициаа ракәзар Аԥсны аҵакырагьы налакны аҩбатәи афронт аартра иазыхиоуп.
Ҳара иаабоит зеиԥш ҟамлацыз ақәыӷәӷәара шыҟанаҵо Америка. Иҟалар алшоит алхрашьҭахьтәи ҭагылазаашьа аоппозициаа реиԥш урҭ ркураторцәагьы «ареволюциаз» рхы иадырхәар.

Аҩбатәи аспект – урыстәыла-қырҭтәылатә еизыҟазаашьақәа. Урыстәылеи Мраҭашәареи реимак аҿы Қырҭтәыла анеитралтә позициа Москвеи Қарҭи реизыҟазаашьа арԥсасиит.

- 2022 шықәса ԥхынгәымзазы атәылақәа рыбжьара атауареикәыршара 32% иацлеит 2021 шықәса иаҿырԥшны - $962 млн.
- 2022 шықәсазы Урыстәыла анефҭи арацәеи амхәҳаара акыр еиҳахеит: ажьырныҳәа-цәыббра амзақәа рзы Қырҭтәыла иаанахәеит $431 млн рыхә анефҭ (348% рыла 2021 шықәсазы аасҭа еиҳаны), арацәа 200% еиҳаны иаанахәеит - $30 млн.
-2022 шықәсазы Қырҭтәыла ачашыла 9-нтә еиҳаны иаанахәеит. Украинатәи акризис адунеитә џьармыкьаҿы арыц адефицит ахь иахькылнагаз азгәаҭаны ари Қырҭтәыла ачаалых аҭыжьра апроблема аӡбеит.
-2022 шықәса рашәарамзазы Қырҭтәылантә Урыстәылаҟа ииаган $14 млн. рыхә автомашьынақәа. Ари 71% рыла еиҳауп 2021 шықәсазы аасҭа.
-2022 шықәса ажьырныҳәа-абҵара амзақәа рыҩныҵҟа Урыстәылантәи қырҭтәылаҟа ииаган $1,750 млрд. аԥара. Ари хәынтәны еиҳауп 2021 шықәсазы аасҭа.
-2023 шықәсазы Урыстәыла Ҭырқәтәыла иаԥыганы актәи аҭыԥ ннакылеит ахәаахәҭратә партниор ҳәа.
-2023 шықәса ажьырныҳәа-мшаԥы амзақәа рзы атәылақәа рыбжьара атауареикәыршара иартәеит $848,5 млн мааҭ (51,5% рыла 2021 шықәсазы аасҭа еиҳаны).

Атауареикәыршара аструктура акәзар, 2023 шықәса раԥхьатәи аҩымз рыҩныҵҟа Қырҭтәыла Урыстәылаҟа инанашьҭит експорт ҳасабла 8 000 тонна аҩы ( $23 млн), 978 амашьына ласқәа ( $13 млн), 19 000 тонна аминералтә ӡқәа ( $10 млн), 2 000 тонна арыжәтә ( $9 млн).

Аинырра мҩаԥысуеита енергетикеи ақыҭанхамҩеи рганахь ала.

2023 шықәса ажьырныҳәеи ж́абрани амзақәа рзы Урыстәыла Қырҭтәылаҟа иаанашьҭит 149 000 тонна анефҭи анефҭаалыҵи ( $108 млн), иара убасгьы 264 000 тонна анефҭгази аӡрии ( $68 млн).
Иара убри аамҭазы Урыстәыла Қырҭтәылаҟа иаанашьҭит 32 000 тонна ачарыц, 47 000 тонна ахаҳәрацәеи уи иалху абылтәи ( $8,2 млн), 25 000 тонна ачашыла ( $8 млн).

Аинтерес аҵоуп автомашьыгнақәа рыла ахәаахәҭра. 2023 шықәса актәи азыбжазы Қырҭтәылантә Киргизиаҟа автомашьынақәа експорт рзура 1 361,1% ишьҭыҵит, Ҟазахстанҟа – 280,4%. Убри аан 2021 шықәсазы Ҟазахстани Киргизиеи Қырҭтәыла апартниорцәа актәи ажәаба рахьгьы иаҵанакуамызт. Аекспорт иамаҭәар хадахеит зыхә ҳараку амашьынақәа. Урыстәыла АОҶ иалагазар Қырҭтәыла ВВП 11% ишьҭыҵит 2022 шықәсазы, 7,5% – 2023 шықәсазы.

2023 шықәсазы Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара ишиашоу авиоеимадара хацыркхеит.

Иҟалоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирылсуа атранзит мҩақәа раартра азҵаара шьҭыххаргьы.

Убри аан қырҭтәылатәи аофициалтә хаҿқәа ирҳәоит аизыҟазаашьақәа рыԥсасира ҳареи дареи ҳаизыҟазаашьақәа шрыҵарымкуа, урҭ макьанагьы ртәыла аҵакыратә акзаара хаданы иазырыԥхьаӡоит.
Убри аан Урыстәылатәи политикцәақәак Москвеи Қарҭи реизыҟазаашьа ла Қырҭтәыла Москва ахь аҿы хьнарҳәуеит ҳәа ргәы иаанагоит, уи иахәԥсаны ирбоит Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара афедерациа ма аконфедерациа аԥҵара. 

Агәра згоит Урыстәыла анапхгараҿы асеиԥштәи апланқәа шыҟам, аха арҭ рҩызцәа атезисқәа раларҵәара аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа ҵыршәаауеит.

Ахԥатәи азона – мрагыларааигәатәи. Ишдыру аиԥш жьҭаара 7 2023 шықәсазы ХАМАС аибашьцәа мҽхакы ҭбаала Израиль иажәлеит. Уи аҭакс Израиль арратә операциа иалагеит асектор Газа аҿы. Ари арегион аҿы аибашьраҵәҟьа хнартит. Иахьазы иалацәажәо иалагеит Шьамтәыла, Ливан, Иран ралахалара.

Ҳара ҳзы ари шәарҭараны иаҵоузеи? Шьамтәылатәи аибашьра анализ азаауазар, иҳамбар ауам Мрагылара Ааигәа аҭагылазаашьа арцыхцыхра амиграциа шдырҭбааз.

Ҳара ҳазыхиазароуп Аахыҵ Кавказ алагьы ахҵәацәа рдәықәлара.
Хазы иазгәаҭатәуп арҭ арегионқәа рҿы ишынхо ҳџьынџьуаа. Аимак аҽарҭбаар урҭ Аԥсныҟа иаагар ауп. Уи аҩыза аԥышәа ҳамоуп ҳара –2013 шықәсазы хәышәҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Шьамтәыла иалаагеит.
Ҳҿаԥхьа иқәгылоу ашәарҭарақәа збарҭоу ҳнапхгара атәыла Арбџьар мчқәа рыҿиара азхьаԥшра арҭоит. 2020 – 2024шш. рыҩныҵҟа имҩаԥган аиҿкаара-штаттә структура аиӷьтәра аус, Арбџьар мчқәа реизырҳара, ҳаамҭазтәи аибашьрақәа рышьашәаларазы аусхкқәа.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы арартә напхгара рҵаратә зыҟаҵара акыр ирҭбаауп, Урыстәыла АМ рыруааи дареи аҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргоит. Аҟәатәи азеиԥш ар рнапхгаратә ҵараиурҭа абазала иаздырхиоит аҟазауаа–БПЛА аоператорцәа. Мрагыларатәи аҳәааҿы ихыркәшоуп афортификациатә ргыларақәа, иҿыцны иҟаҵоуп 13 км. иҟоу амҩа.

Аурыстәыла АМ Аԥсны аҳауатә ҵакыра БПЛА ацәыхьчаразы аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит.

Арҭи егьырҭи аусқәа агәрагара ҳарҭоит Қырҭтәыла аганахь ала агрессиа аанаҳкылап ҳәа. 

Атәыла ашәарҭадара аӡбахә анаҳҳәо уи аҩныҵҟатәи ашәарҭадара аӡбахәгьы аганахь иҳазныжьуам. 2020 шықәса раахысижьҭеи акриминогентә ҭагылазаашьа иаҳнарбоит ацәгьоурақәа реиҵахара атенденциазинеиҿкаараз иахәҭоу аусқәа мҩаԥыргоит, ацәгьоура иаҿагылоуп, азинеилагарақәа аԥдырҟәҟәаауеит. 2014-2019 шықәсқәа рзы ашәҟәы 5 328 цәгьоура ҭагалазар, 2020 ш. - ԥхынгәы 1 2024 рҟынӡа 3 211 цәгьоура ашәҟәы иҭагалан. Ари 2 117 цәгьоура рыла еиҵоуп. 2014-2019 шықәсқәа рзы ашәҟәы 2 613 цәгьоура ӷәӷәа ҭагалазар, 2020 ш. - ԥхынгәы 1 2024 рҟынӡа 1 078 цәгьоура ӷәӷәа ашәҟәы иҭагалан. Ари 1 535 цәгьоура рыла еиҵоуп. Аарԥшра – 74,9%.

2014-2019 шықәсқәа рзы ашәҟәы 117 уаҩшьра ҭагалазар, 2020 ш. - ԥхынгәы 1 2024 рҟынӡа 65 уаҩшьра ашәҟәы иҭагалан. Ари 52 рыла еиҵоуп. Аарԥшра – 44,5%.
2014-2019 шықәсқәа рзы ашәҟәы 29-ҩык ауааԥсыра рӷьычра ҭагалазар, 2020 ш. - ԥхынгәы 1 2024 рҟынӡа 7-ҩык рӷьычра ашәҟәы иҭагалан. Ари 28 факт рыла еиҵоуп. Аарԥшра – 75,9%.

Ҳҿаԥхьа иқәгылоу ашәарҭарақәа ирхьырԥшны еиҳа ишәа-иза иҟоу аполитика мҩаԥаагалароуп.

Иацтәи амш аҵатәхәқәа алкаақәа рыҭо ҳадәныҟаполитикатә хырхарҭа иашала имҩаԥаагалароуп. Уаанӡатәи ҳгәылацәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа аҭоурыхтә ԥышәа иахьатәи ҳполитика ҵаҵӷәыс иамоуроуп.
Иҟоу агеополитикатә ҭагылазаашьа инақәыршәаны ҳауаажәларра аӡәк иеиԥш еидгылароуп, адәныҟатәи ашәарҭарақәа рҿагылара ҳалшаразы.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: