Баграт Хәытабеи Феисали Микдади реиԥылара мҩаԥысит

Баграт Хәытабеи Феисали Микдади реиԥылара мҩаԥысит
7 March 2023 151

2023 шықәса хәажәкыра 7 азы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Феисал Микдад диԥылеит.

Аиԥылараан инарҭбаау аицәажәара мҩаԥган аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьазы.

Баграт Хәытаба иазгәеиҭеит сынтәа ишымҩаԥгахо II Аԥсны-Шьамтәылатә еилакы.

Феисал Микдад иҳәеит Шьамтәылатәи Арабтә республика аганахь ала иахәҭаны иҟоу адгылара шымҩаԥгахо.

Аиԥылараан аганқәа рылацәажәеит Шьамтәылатәи Арабтә республикеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи аекономиказ рминистррақәа реинырра, аҳазалхратә еилакқәа реинырра рызҵаарақәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: