Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рнырра азҵаара иалацәажәеит Аԥсны АдәА рминистрраҟны

Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рнырра азҵаара иалацәажәеит Аԥсны АдәА рминистрраҟны
3 November 2023 186

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынби азинмчнагӡа змоу Аԥсны ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡбеи алацәажәеит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рнырра азҵаара.

Ҳара еснагь ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаинырра арҵаулара, арҭбаара иазырхоу, Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара апроблема иаҵанакуа азҵаарақәа ҳрылацәажәоит иҳәеит аминистр.

«Аԥсни Аҩада Кипри реинырра ашьақәыргылараазҵаарақәагьы ҳрылацәажәоит. Абри ахырхарҭаҿы ареспублика иазаатуеит аекономикеи аинвистициақәеи рганахь ала, аԥышәеи аинформациеи реимдара аганахь ала аԥеиԥшқәа маҷымкәа. Уи азы ари аусура активла амҩаԥгара ахәҭаны изаҳаԥхьаӡо» иҳәеит аминистр.

Инал Арӡынба иара убасгьы иазгәеиҭеит аминистрра Урыстәыла иҟоу Палестина ахаҭарнакцәа ишырныруа.

«Ҭырқәтәыла ари азҵаара азхьаԥшра ду анаҭоит, убри азы ҳшәыҳәоит Ҭырқәтәыла ахадара рпозициазы адырра ҳашәҭаларц» ҳәа иҳәеит аминистр.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: