Хьыбла Амҷԥҳа Берлин имҩаԥысуаз аконференциақәа ҩба дрылахәын

Хьыбла Амҷԥҳа Берлин имҩаԥысуаз аконференциақәа ҩба дрылахәын
4 July 2017 812
Рашәарамза 27 рзы Берлин имҩаԥысит аконференциа "Евразийский экономический союз и его значение для Армении, Белоруссии и Казахстана" (аиҿкааҩцәа – Мрагыларатәи Европа аҭҵааразы анемец еилазаареи Фридрих Науман ифонди). Иара убас ԥхынгәы 3-4 рзы имҩаԥысит аконференциа "Геополитические изменения в Центральной Азии и на Южном Кавказе: какова будущая роль Европы?" (аиҿкааҩцәа - Европатәи Аполитика аинститути (Берлин) Германиа иҟоу Европатәи акомиссиа Ахаҭарнакреи).

Аконференциақәа рҟны иқәгыланы ицәажәон, ргәаанагарақәа еимырдон еицырдыруа аполитикцәа, аҿар. Аконференциақәа рыҩбагь русура далахәын аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа.

Хьыбла иазгәалҭеит Аԥсназы аҵак ду шамоу иахьатәи европатәи аполитика аҭагылазаашьа адырра.

«Раԥхьаӡа акәны асеиԥш иҟоу ауснагӡатә ахь днаԥхьан Аԥсны ахаҭарнак. Ҳгәыӷуеит ԥхьаҟагьы асеиԥш жәларбжьаратәи афорумқәа рахь ҳҵарауаа, ҳҟазауаа аҽалархәразы ааԥхьарақәа роуп ҳәа» - лҳәеит лара.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: