Мухаммад Алии Зухеир Хзеиеми еиԥылеит

Мухаммад Алии Зухеир Хзеиеми еиԥылеит
12 March 2024 59

2024 шықәса хәажәкыра 12 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии  Шьамтәылатәи Арабтә республика атранспорт аминистр Зухеир Хзеиеми еиԥылеит.

Аиԥылараҟны ирылацәажәан атәылақәа рыҩба рҿы  амшынтәии аҳаиртәии мҩангарақәа русхк аҟны аусеицура аҿиара, Аԥсни Шьамтәылеи рбаӷәазақәа рыбжьара аусеицура  арцыхцыхра.

Ҷыдала азхьаԥшра аман атәылақәа ргеографиатә  ԥыжәара, аконсултә процедурақәа рырмариаразы  иманшәалоу аекономикатәи ахәаахәҭратәи ҭагылазаашьа аԥҵара, аекспорти аимпорти рҭышәныртәалара.

Уи адагьы аганқәа иазгәарҭеит Аԥсны аҳаирбаӷәаза аартра аҵак ду аманы ишахәаԥшуа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: