Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Палестинеи рыцҳаражәҳәаҩцәа адипеизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит

Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Палестинеи рыцҳаражәҳәаҩцәа адипеизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит
12 June 2022 248

Рашәара 12 рзы Дамаск имҩаԥысит Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Палестинеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Баграт Хәытабеи Самир Аль-Рифаи реиԥылара.

Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Палестинеи рыцҳаражәҳәаҩцәа аҩтәылак рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Палестина ацҳаражәҳәаҩ агәыӷра ааирԥшит ҩганктәи аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рӷәӷәахап ҳәа.

Баграт Хәытаба иакәзар, адкыларазы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит, агәрагарагьы ааирԥшит ҩганктәи аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟа аҿиара шроуа.


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: