Инар Ладариеи Денис Монкада Колиндреси еиԥылеит

Инар Ладариеи Денис Монкада Колиндреси еиԥылеит
20 April 2022 506

Мшаԥы 19 азы имҩаԥысит Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Колиндреси реиԥылара.

Аиԥылараан ирылацәажәан ҩ-ганктәии жәларбжьаратәии азҵаарақәа, ԥхьаҟатәи аусеицура аԥеиԥш. аиԥылара мҩаԥысит еснагь аиԥш аҟәандара аҵаны.

Иара убри амш аҽны ацҳаражәҳәаҩ ихы алаирхәит
авидеоконференциа, Асандинисттә фронт имҩаԥнагоз, иҟаиҵеит ажәахә «Аԥсны аҭоурых, акультура, ахьыԥшымраз ақәԥара» атемала.

Онлаин уснагӡатә иалахәын 50-ҩык инарзынаԥшуа Асандинисттә фронт анапхгара рхаҭарнакцәа, Ареспублика амуниципалитетқәа рхаҭарнакцәа, асасцәа.

Аизара аҿаԥхьа иқәгылеит Сахаратәи Арабтә Демократиатә Республика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мохамед Салем Ульд Салек, Ареспублика Ҟрым Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов, Ареспублика Никарагуа Апарламент аиҳабы Густаво Поррас Кортес.


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: